Ника Мелиа – Сара лаҵара  29 рзы аӡбарҭахь снеиуам, абаандаҩтәразы аҽазыҟаҵара сгәы иҭам
Ника Мелиа – Сара лаҵара  29 рзы аӡбарҭахь снеиуам, абаандаҩтәразы аҽазыҟаҵара сгәы иҭам

Апартиа «Ахали» алидерцәа иреиу  Ника Мелиа  лаҵара  29 рзы имҩаҧысраны иҟоу аӡбаратә процессашҟа анеира игәы иҭам. Иара ари атәы ааицҳаит ателеканал  «ТВ Пирвели» аефираҿ.

Мелиа, ишиҳәаз ала, иара ари аӡбара идикылеит ажәлар раҳаҭыр аҟынтә, насгьы, абаандаҩтәразы аҽазыҟаҵара игәы иҭам.

«Лаҵара  29 рзы аӡбаратә процесс ашҟа снеиуам. Ари аӡбара сыдыскылеит ажәлар раҳаҭыр аҟынтә. Иахьа уаҟа аҳәсеи, аҭаҳмадацәеи, аҿари, ахәыҷқәеи ишрызныҟәоз збеит. Уи еиҭаҟалар сҭахым. Агәра ганы сыҟоуп Зура Џьаҧариӡе уи идыруазҭгьы, иаргьы абри аҩызаҵәҟьа аӡбара шидикылоз. Сдукат апроцессашҟа днеиуеит. Абаандаҩтәразы аҽазыҟаҵара сгәы иҭам, аҧсҭазаара насыгӡоит, аиҧыларақәа мҩаҧызгоит, нас иҟало аабап», — иҳәеит  Мелиа.

Ника Мелиа аӡбарашҟа иҧхьеит апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира амшала.