Аӡбара Ника Мелиа аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам
Аӡбара Ника Мелиа аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам

Қарҭ ақалақьтә аӡбара, апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, апартиа «Ахали»  алидерцәа иреиу  Ника Мелиа аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.

Уажәааны Қарҭ ақалақьтә аӡбараҿы иашьашәалоу ақәҵара рыларҳәеит.

Ника Мелиа аӡбаратә процессаҿ дыҟамызт.

Убри адагьы, 2019 шықәса иадҳәалоу аус азы,  «Амаҵзуратә зинмчқәа цәгьашақә рхархәара» ахәҭаҷ ала, Ника Мелиа 25 000 лари ахараҧса иқәырҵеит.