Ника Мелиеи Ника Гварамиеи апартиа "Ахали" аҿы рҽеидырҵеит  — Ҳсимволқәа иреиуп ашкәакәа,  ацқьареи аҧсыцқьареи аҧштәы
Ника Мелиеи Ника Гварамиеи апартиа "Ахали" аҿы рҽеидырҵеит  — Ҳсимволқәа иреиуп ашкәакәа,  ацқьареи аҧсыцқьареи аҧштәы

Иахьа  Ника Мелиеи Ника Гварамиеи аофициалла аарыцҳаит дара рҽеидҵаны, апартиа ҿыц  «Ахали» шеиҿыркааз.

Ника Гварамиа ишиҳәаз ала, апартиа ахаҭарнакцәа апроблемақәа ӡбашьас ирыҭатәу рдыруеит.

«Ҳпартиа  «Ахали» (аҿыц) аҿы ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, Қырҭтәыла аиҭакрақәа рымҩаҧгара ҳазықәҧоит, аха аҿыц методқәа рыла. Ҳара аиҭакрақәа рымҩаҧгара ҳалшоит, избанзар,  иҟаҵатәу ҳдыруеит, аҧсыцқьара, аҧсадгьыл амаҵ аура зыҧсоу ҳдыруеит, апроблемақәа ӡбашьас ирыҭатәу ҳдыруеит. Ҳсимволқәа иреиуп ашкәакәа,  ацқьареи аҧсыцқьареи аҧштәы. Ҳара шьҭахьҟа ҳхьамҧшкәа,  ирласны ҧхьаҟа ҳцоит. Раҧхьа иргыланы, ҳхы ҳаиааироуп, анеҩс, ҳҽеидкыланы, Биӡина Иванишвили ҳиааир ҳалшоит», — иҳәеит  Гварамиа.