Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратә аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд алҵшәақәа ирызку аҳәамҭа аланарҵәеит

11:37, 02.07.2026

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратә аиҿцәажәарақәа  67-тәи араунд алҵшәақәа ирызку аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа аган агәынамӡара ду аадырҧшит Урыстәылеи импыҵахалоу Цхинвал арежими аидгыларатә усеицура арҕәҕәара иазкны  2026 шықәса лаҵара 9 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы. Ишазгәаҭаз ала, абри аҩыза аиқәшаҳаҭрақәа аиуристтә мчы рымам, жәларбжьаратә зин анормақәа еиларгоит, аконструктивтә диалог иаҧырхагоуп.

« 2026 шықәса рашәара 30 — ҧхынгәы 1 азы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа  67-тәи араунд мҩаҧган. Ақырҭуа делегациа дахагылан Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.

Аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа аган агәынамӡара ду аадырҧшит Урыстәылеи импыҵахалоу Цхинвал арежими аидгыларатә усеицура арҕәҕәара иазкны  2026 шықәса лаҵара 9 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы. Ишазгәаҭаз ала, абри аҩыза аиқәшаҳаҭрақәа аиуристтә мчы рымам, жәларбжьаратә зин анормақәа еиларгоит, аконструктивтә диалог иаҧырхагоуп.

Ақырҭуа делегациа алахәылацәа даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭеит амца аанкылара иазкны 2008 шықәса нанҳәазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡареи ахҵәацәа импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ иҟоу рыҩнқәа рахь шәарҭада  рыхынҳәреи  ахымҧадара.

Иара убас, ақырҭуа аган ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи рганахьала иҟоу апроблемақәеи Урыстәыла адеструктивтә режим ахымҩаҧгашьеи  ирызку азҵаарақәа иқәдыргылеит.

Аиҿцәажәарақәа раан ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара ианалацәажәоз, урыстәылатәи агани ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәеи, абжьааҧны еиҧш, игыланы ицеит.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа анеҩстәи, 68-тәи араунд мҩаҧгахоит  2026 шықәса абҵара 10–11 рзы», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Еиԥшу