Қырҭтәыла Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеит [афото]
Иахьа Қырҭтәыла Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеит. Аҧышәарақәеи ахәшьараҭареи рзы амилаҭтә центр адыррақәа рыла, атәыла зехьынџьара иаартуп 24 аҧышәаратә центрқәа.
Иахьа абитуриентцәа ақырҭуа бызшәеи алитературеи рзы аҧышәара рҭиуеит. Амилаҭтә ҧышәарақәа хыркәшахоит ҧхынгәы 22 рзы, афизиказы аҧышәарала.
Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа ирылахәып 43 нызқьҩык иреиҳаны абитуриентцәа.
Аҧышәаратә центрқәа аартуп 12 ақалақьқәа рҿы: Қарҭ, Баҭым, Жәыргьыҭ, Қәҭешь, Ҧуҭ, Ахалцихе, Гори, Озургеҭи, Русҭави, Ҭелави, Хуло, Амбролаури.