Урсула фон дер Лаиен Бақәа даҭааит

18:53, 01.07.2026

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Бақәа даҭааит. Асасцәа раҳаҭыр аҟынтә Бақәатәи жәларбжьаратә ҳаирбаҕәазаҿ  аҳаҭыртә ҟарул еиҿкаан, уаҟа Азербаиџьани Евроеидгылеи рбираҟқәа шьҭыхын.

Еврокомиссиа ахада аҳаирбаҕәазаҿ илҧылеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови, арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Коси,

егьырҭ аофициалтә хаҿәеи.

„Евроеидгыла агәра ганы иҟоу Аахыҵ Кавказ аҧеиҧш лаша шамазаауа: аимадареи, аҭынчреи, ашәҭыкакаҷреи шеиқәдыршәо. Ҳара ари аус аҿы ҳрыцхраар ҳҭахуп. Иара убас,сара абра сыҟоуп  ахәаахәҭра инарны атранспорт аҟынӡа, аенергетика инаркны аекономика аҟынӡа Евроеидгылеи Азербаиџьани рыбжьра апартниорра арҭбааразы“, – илҩит Урсула фон дер Лаиен асоциалтә аҳаҿы.

Еиԥшу