Иракли Кобахиӡе Аҩадатәи Македониа ареспублика Ассамблеиа ахада Африм Гаши диҧылеит

16:26, 01.07.2026

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҩадатәи Македониа ареспублика Ассамблеиа ахада Африм Гаши диҧылеит. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Ассамбелиа ахада Қырҭтәыла ивизит  алшара бзиа рнаҭоит азеиҧш ҽазышәарақәа ирыдҳәаланы ргәаанагарақәа реиҭныҧсахлареи ҩ-ганктәи аусиецура арҭбааразы иҟоу алшарақәа рылацәажәареи азы. 

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониа ареспубликеи рыбжьара аполитикатә диалоги асектортә аимадарақәеи рырлахҿыхра аҵакы. 

Хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак рзакәанҧҵаратә органқәа қәҿиарала русеицуреи апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҟоу аперспективақәеи. 

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Амшын еиқәа арегионаҿ арегионалатә аимадареи адиалоги рыцхраара аганахьала Қырҭтәыла инанагӡо ароль иазааҭгылеит. 

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.  

Еиԥшу