Иракли Кобахиӡе – Акыр иаҧсоу абитуриентцәа, агәра ганы сыҟоуп аҧышәарақәа зегьы қәҿиарала ишышәҭиуа, уи абзоурала, шәхықәкқәа иаҳа шәырзааигәахоит

10:16, 02.07.2026

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе сынтәа амилаҭтә ҧышәарақәа зҭиуа абитуриентцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

„Акыр иаҧсоу абитуриентцәа,
Иахьа амилаҭтә ҧышәарақәа иалагоит. Шәыҧсҭазаараҿы зҵакы дуу абри аетап аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит.
Агәра ганы сыҟоуп акыршықәсатәи шәџьабааи шәҽазышәарақәеи алҵшәа шырхылҵуа. Агәра ганы сыҟоуп аҧышәарақәа зегьы қәҿиарала ишышәҭиуа, уи абзоурала, шәхықәкқәа иаҳа шәырзааигәахоит.
Аҵара бзиа змоу аҿар роуп ҳтәыла аҿиареи иаҳа еиҕьу аҧеиҧши еиқәзыршәо. Шәара шәоуп наҟ-наҟ ари атәыла анапхгара азҭаша. 

Даҽазнык гәыкала ақәҿиарақәеи иреиҕьу алҵшәақәеи шәзеиҕьасшьоит!!“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Еиԥшу