Иракли Кобахиӡе – Ҳара Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара зегьы зҵазкуа астратегиатә партниорра аетапахь ҳаиасуеит, иахьа зҵакы дуу аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит
«Хышықәса раҧхьа Қырҭтәылеи Китаии астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уажәы ҳара зегьы зҵазкәа астратегиатә партниорра аетапахь ҳаиасуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, аетап ҿыц ақырҭуа-китаитәи еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара иацхраауеит.
«Ари азҵаара алацәажәаразы хазы аиҳабыратә брифинг мҩаҧгатәуп. Иахьатәи амш аҵакы ду амоуп. Ишыжәдыруа еиҧш, хышықәса раҧхьа Қырҭтәылеи Китаии астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уажәы ҳара зегьы зҵазкәа астратегиатә партниорра аетапахь ҳаиасуеит.
Абарҭ хышықәса ирылагӡаны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҟаҵаз рацәан. Ҳполитикатәи ҳекономикатәи аимадарақәа иаҳа иҕәҕәахеит, ари ахырхарҭала аконкреттә апрактикатә шьаҿақәа ҟаҵан. Ишыжәдыруа еиҧш, авизадатә режим шьақәыргылан, ишиашо авиареисқәа аус руеит, сынтәа ареис ҿыцқәа ацлоит, уи абзоурала, Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара аимадара иаҳа иҕәҕәахоит.
Иара убас, ҳара ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿы ақәҿиарақәа ҳамоуп. Абри зегьы хышықәса раҧхьа иҳабжьаҳҵаз астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра иабзоуроуп. Уажәы ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагоит — зегьы зҵазкуа астратегиатә партниорра аетап, уи ақырҭуа-китаитәи аимадарақәа рырҕәҕәара аус аҿы иаҳа идуу алҵшәақәа ҳнаҭоит.
Иахьа ҳнапы зҵааҩыз аиқәшаҳаҭра аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.