Иракли Кобахиӡе - Ҳара ҳзы аҿиара - зеиҧшҟамлац аекономикатә азҳара арбага мацара акәӡам иаанаго, агәра ганы ҳаҟоуп апрогресс азы хымҧада аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҵара бзиеи шаҭаху
Иракли Кобахиӡе - Ҳара ҳзы аҿиара - зеиҧшҟамлац аекономикатә азҳара арбага мацара акәӡам иаанаго, агәра ганы ҳаҟоуп апрогресс азы хымҧада аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҵара бзиеи шаҭаху

Ҳара ҳзы аҿиара – зеиҧшҟамлац аекономикатә азҳара арбага мацара акәӡам иаанаго, агәра ганы ҳаҟоуп апрогресс азы хымҧада аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҵара бзиеи, аинновациақәеи, иахьатәии наҟ-наҟтәии абиҧарақәа мышхәыбзазара рзеиқәзыршәо, ауаҩы иахь зхы рхоу аполитикеи шаҭаху, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қарҭтәи Иҭышәынтәалоу аҿиара  XVI арегионалтә форум аартратә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгыло астратегиатә хәаҧшырақәа Қырҭтәыла иаҳа иҕәҕәоу, ишәарҭам, ихьыҧшым аҧеиҧш ашьақәгылараҿы алагала ду ҟарҵап ҳәа дгәыҕуеит. 

 „Адунеиаҿ иаҳа-иаҳа иазҳауа аибарххара афонаҿ, аҳәынҭқарра дуқәа атәылақәа хәыҷқәа изыдгыло аган алхра анрыдарцало, ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп инагӡаны адипломатиа ахархәара.  Афорум аусхәаҧштә иалоуп зегьы реиҳа иуадаҩу, актуалтә агеополитикатә зҵаарақәа. Абарҭ атемақәа ҳмилаҭтә шәарҭадареи ҳекономика аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы амҩақәа рыҧшаара аганахьала  ахадаратә ҵакы рымоуп. Афорум атематикатә панель ҳстратегиатә хықәкқәа ирыдҳәалоуп, уи  ҳсуверенитет арҕәҕәареи, аенергетикатә шәарҭадареи, аенергошәарҭадараҿы афымцатә станциа дуқәа рроли, ауаҩытәыҩсатә капитал арҕәҕәареи, аинновациақәа раларҵәареи, иҭышәынтәалоу аурбантә реформақәеи ирызкуп. Жәаҳәарада, аҭыҧ ҷыда ааннакылоит аҭынчра аплатформа. Акыраамҭалатәи аҭышәынтәалареи аҭынчреи иҟамкәа, апрогресси мышхәыбзазареи рылацәажәара ҟалом“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Қарҭтәи Иҭышәынтәалоу аҿиара  XVI арегионалатә форум ааиртит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе. Аусмҩаҧгатә аҿы иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии,  апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қарҭтәи Сакребуло ахантәаҩы Зураб Абашиӡеи, Қарҭ ахадараҿы иҟоу аекономикатә аҿиара ақалақьтә маҵзура аиҳабы Вахтанг Ломџьариеи, аполитолог, жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рыҭҵааҩи Чикаготәи ауниверситет аполитикатә ҵарадыррақәа рдепартамент апрофессори Џьон Мершҳаимери. 

Қырҭтәи Иҭышәынтәалоу аҿиара  XVI арегионалтә форум хыркәшахоит рашәара  6 рзы.