Рашәара анҵәамҭаз аҧыза-министр апарламентаҿ аиҳабәратә программа анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵоит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, рашәара анҵәамҭаз аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апарламентаҿ аиҳабәратә программа анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵоит.
Абиуро иахьатәи аилатәараҿы Папуашвили ишиҳәаз ала, аҧыза-министр иқәгылара аконкреттә рыцхә хара имгакәа еилкаахоит.
„Ишыжәдыруа еиҧш, рашәара анҵәамҭазы аҧыза-министр шықәсыктәи иҳасабырба ҳазыӡырҩуеит. Аконкреттә рыцхә шьақәҳаргылоит абиуро аилатәараҿы, аха, иара рашәара аҵыхәтәантәи амчыбжь азы дықәгылоит, рашәара 23-тәи асессиатә амчыбжь азы“, – иҳәеит Папуашвили.