Аҧыза-министр иҳасабырба – Аҿҳәарабжьаратә аамҭазы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахықәкы хадас иаанхоит атәылаҿы аекономикатә азҳара аиқәыршәареи Евроеидгыла алалареи
Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәыла астатус ҳауит, убри аҟынтә, аҿҳәарабжьаратә аамҭазы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахықәкы хадас иаанхоит атәыла аекономикатә азҳара аиқәыршәареи Евроеидгыла алалареи, – иануп аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апарламент иадигалаз шықәсыктәи аҳасабырбаҿы.
Адокумент ишану ала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәыла аҳасабала, Еврокомиссиа акандидат тәылақәа рзы еиқәнаршәаз аметодологиа иашьашәаланы, 2028 шықәсанӡа иазҧхьагәаҭоу „Аекономикатә реформақәа рпрограмма“ ирмазеины, 2026 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Еврокомиссиа азцәырнагеит.
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, аҩыратә формала, Қырҭтәыла апарламент ашҟа шықәсыктәи аҳасабырба дәықәиҵеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭа апарламентаҿ ари аҳасабырба цәыригоит рашәара анцәамҭазы.