Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра -  Илиа Дарчиашвили иҟны аиҧылараан Ирландиа Сенати апарламенти ахантәаҩцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Ирландиа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалареи ҳтәыла акандидат астатус анашьареи ишадгыло

«Ирландиа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалареи ҳтәыла акандидат астатус анашьареи иадгылоит», —  ирҳәеит Ирландиа Сенати апарламенти ахантәаҩцәа Дублин Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ианиҧылоз.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ирландиа Сенат ахантәаҩы Џьерри  Баттимер ишиҳәаз ала, Ирландиа, Евроеидгыла арҭбаара азҵааразы Қырҭтәыла аиҳабыра аус рыцура иазыхиоуп.

«Ирландиа апарламенттә демократиоуп.  Қырҭтәыла Евроеидгылахь алалареи шәтәыла акандидат астатус анашьареи иадгыло аиҩызаратә гәыҧ ҕәҕәа ҳамоуп. Евроеидгыла арҭбаара излауа ала ирласны иаабарцаз,  Қырҭтәылеи Ирландиеи реиҳабырақәа русеицура ҳахыццакуеит», — иҳәеит  Баттимер  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр даниҧыла ашьҭахь.