Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Азербаиџьан Нахичевантәи автономтә республика адронла ажәылара ҳақәыӡбоит 
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Азербаиџьан Нахичевантәи автономтә республика адронла ажәылара ҳақәыӡбоит 

«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  Азербаиџьан Нахичевантәи автономтә республика адронла ажәылара иақәыӡбоит, ари ажәылара амшала ауаа аахақәа роуит», — иануп аминистрра аҳәамҭаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  жәларбжьаратә зин анормақәеи апринципқәеи еилазго, арегионаҿ аҭагылазаашьа зырцәгьо  иарбанзаалак ахҭысқәа ҭыҧ рымамзароуп.

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани аиҩызара ҕәҕәеи астратегиатә партниорреи рыбжьоуп, убри аҟынтә, иуадаҩӡоу уажәтәи аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла  аешьаратә Азербаиџьан иадгылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.