Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы адиалог ахырҧара иаҳнарбоит Бриуссель ақырҭуа аган апозициа азыӡырҩра ишазыхиам  
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы адиалог ахырҧара иаҳнарбоит Бриуссель ақырҭуа аган апозициа азыӡырҩра ишазыхиам  

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа ирызку Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рдиалог аиҧылара ахырҧара иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟанаҵоит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  2025 шықәса абҵара 21 рзы Бриуссель имҩаҧысраны иҟаз аиҧылара Евроеидгыла аган аӡбарала иахыҧоуп.

„2024 шықәса рашәара  27 рзы Евроеидгыла ахеилак иаднаклаз аихшьаалақәа рышьаҭала, Евроеидгыла, аҩаӡарақәа зегьы рҟны, Қырҭтәылаҟны адиалог ааннакылеит. Ақырҭуа аган ари аиҧылара иахәаҧшуан Евроеидгылаҟны аусеицура  алшара аҳасабала.

Ақырҭуа аган, зыӡбахәы ҳәоу азҵаарақәа рзы Бриуссель инарҭбаау аинформациа рыҭаразы  аҽазыҟаҵаратә усура ду мҩаҧыргеит.

Рыцҳарас иҟалаз, ақырҭуа аган ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи  рдиалог аиҧылара амҩаҧгара ишазҿлымҳазгьы, Евроеидгыла, иаалырҟьаны, ари аиҧылара хдырҧеит, иҵаҵгәыдоу ҿыҵгала.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы адиалог ахырҧара иаҳнарбоит Бриуссель ақырҭуа аган апозициа азыӡырҩра ишазыхиам.

Ақырҭуа аган адиалог иазҿлымҳауп, ҳгәы ишаанаго ала,  апартниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа рҿы адиалог альтернатива амам. Убри аҟынтә, Бруссель иааннакылаз адиалог аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Евроеидгылаҟны адиалог аформатқәа рҽалархәра алшара ҳахәаҧшуеит“, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.