Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарҧшуеит Урыстәыла ала закәандарала Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза ахархәареи импыҵахалоу Аҧсны арегионаҿ аҳаиртә аимадара аиҭашьақәыргылареи иадҳәаланы
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарҧшуеит Урыстәыла ала закәандарала Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза ахархәареи импыҵахалоу Аҧсны арегионаҿ аҳаиртә аимадара аиҭашьақәыргылареи иадҳәаланы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, 2025 шықәса лаҵара 1 азы урыстәылатәи авиаеилахәыра ала закәандарала ареис амҩаҧгареи, иара убас, Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза ахарәхаразы Урыстәыла аҭара иазкны ампыҵахалатә режим рҟны аиқәшаҳаҭра адкылареи – Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, «Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку» Қырҭтәыла азакәани, жәларбжьаратәи азин ахадаратә принципқәеи анормақәеи реилагароуп иаанаго.
«Иара убас, агәынамӡара ааҳарҧшуеит сынтәа лаҵара 1 азы Урыстәылантә импыҵахалоу Аҧсныҟа аихамҩатә аимадара алагара иадҳәаланы. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу жәларбжьаратәи амеханизмқәа рхархәара нанагӡоит, жәларбжьаратәи аиҩызара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла ауранагӡара иахәҭоу ахәшьара арҭарц.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа нанагӡарц», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.