Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵара иазку азакәандаратә аӡбара аҧыхреи Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи пату рықәҵареи азы

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵара иазку азакәандаратә аӡбара аҧыхреи, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи пату рықәҵареи, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нагӡаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьылантә ахатә бџьармчқәа ралгареи, ахҵәацәа рыхынҳәра аҧырхагамхареи азы.

Ари атәы иануп  2008 шықәсазы Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа инаркны 17 шықәса аҵра инамаданы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

«2008 шықәсазы Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа инаркны 17 шықәса ҵит, абарҭ ахҭысқәа рымшала Қырҭтәыла иузалымхуа ахәҭақәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони уажәгьы импыҵахаланы иҟоуп.

17 шықәса рышьҭахьгьы, Урыстәыла  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡом, уажәгьы жәларбжьаратәи зин анормақәа еиланагоит.

Атәыла адеоккупациеи аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи амзызла, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны аусеицура ала,  аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара иазку аполитика иақәныҟәоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра аинааралеи агәреибагара аиҭашьақәыргылареи иазку ашьаҿақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵара иазку азакәандаратә аӡбара аҧыхреи, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи пату рықәҵареи, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нагӡаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьылантә ахатә бџьармчқәа ралгареи, ахҵәацәа рыхынҳәра аҧырхагамхареи азы.

Ҳара 2008 шықәсазы фырхаҵарала иҭахаз аруааи аҭынчуааи ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.