Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи араунд азы аҽазыҟаҵаратә аиҧылара мҩаҧган
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи араунд азы аҽазыҟаҵаратә аиҧылара мҩаҧган. Аиҧылара рхы аладырхәит Евроеидгылеи, ЕАРи, ОБСЕи рҟынтә аицхантәаҩцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара мҩаҧигон адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Лаша Дарсалиа.
«Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун аиҿцәажәаратә формат аеффективра аиқәыршәара азҵаара. Ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан Женеватәи аиҿцәажәарақәа русхәаҧштә иаҵанаку азҵаарақәа рҿы апрогресс аиура аҵаки, Урыстәыла ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа рынагӡареи, ахҵәацәа шәарҭада рыхынҳәреи.
Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Гал Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аиҧыларақәа реиҭалагара ахымҧадара.
Иара убас, хшыҩзышьҭра азун ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла аҧснытәи арегионаҿ агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку апроектқәа раҧыхра аҽазкра, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи араунд мҩаҧысраны иҟоуп 2025 шықәса абҵара 11-12 рзы.