Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра –  Венесуела анапхгара Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәас иазхарҵеит,  аҵыхәтәантәи ахҭысқәа  абри азакәандаратә аӡбара аҧыхра  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Венесуела иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Венесуела имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭра дула ҳрыцклаҧшуеит. Наҟ-наҟ арҭ ахҭысқәа венесуелатәи ажәлар ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны имҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит. Венесуела анапхгара,  жәларбжьаратәи азин еилаганы,  Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа  – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәас иазхарҵеит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа, Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәеи жәларбжьаратәи азинтә принцпқәеи инрықәыршәаны, абри азакәандаратә аӡбара аҧыхра  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит», – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.