Қырҭтәыла Испаниеи, Словениеи, Ватикани рҿы аҿыц ацҳаражәҳәаҩцәа амоуп
Қырҭтәыла Испаниеи, Словениеи, Ватикани рҿы аҿыц ацҳаражәҳәаҩцәа амоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Испаниа аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Алеқсандр Ҷкуасели.
«Алеқсандр Ҷкуасели 2003 шықәса инаркны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи адипломатиатә миссиақәеи рҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон. Барселона ақалақьаҿ Қырҭтәыла аконсул хадас дыҟан. Иара зымч наӡоу ацҳаражәҳәаҩ ҷыда иранг ианашьоуп.
Словениа ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ ааникылоит Константин Сурҕулаӡе.
Константин Сургулаӡе Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуеит 1997 шықәса инаркны. Еиуеиҧшым аамҭазы Нидерланди Италиатәи ареспубликеи рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Иара убас, адиаспора рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иҭыҧ ааникылон. Сурҕулаӡе зымч наӡоу ацҳаражәҳәаҩ ҷыда иранг ианашьоуп.
Ватикан Қырҭтәыла дахаҭарнакхоит Давиҭ Меқвабишвили», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.