Қарҭ имҩаҧысуеит Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара.
Қарҭ имҩаҧысуеит Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара.

Қарҭ имҩаҧысуеит Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара.  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, аиҧылара аинициаторцәа роуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиани, Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови.

Аминистрра адырра ишану ала, аиҧылара аалыртит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили. Убри анеҩс, аиҧылара инагӡоит иарку аформатаҿ.

„Аиҧылара иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиеи, Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Елнур Маммадови, Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ваҳан Костаниани. Аиҧылара хықәкыс иамоуп х-ганктәи аусеицура апроцесс азы ашьаҭа аҧызҵаша ахырхарҭақәа ирызкны агәаанагарақәеи азеиҧш интересқәеи  реиҭныҧсахлара.  Наҟ-наҟ уи арегион мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи иацхраауеит.  Иахьатәи аиҧылара уажәазы иҟоу аусеицура аформатқәа ирҧырхагам,  уи агәылара иҟоу 3 тәылак рыбжьара ихырҳагоу аконструктивтә усеицура аиқәыршәаразы даҽа ҽазышәарак ауп“, –  ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.