Марко Рубио - Қырҭтәыла аиҳабыра шьаҿақәак ҟарҵеит, уи иаанагоит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра рҭахуп ҳәа, уи ашьаҭала ҧхьаҟацареи атраекториа аҧсахреи ҳалшоит
Марко Рубио - Қырҭтәыла аиҳабыра шьаҿақәак ҟарҵеит, уи иаанагоит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра рҭахуп ҳәа, уи ашьаҭала ҧхьаҟацареи атраекториа аҧсахреи ҳалшоит

Қырҭтәыла аиҳабыра шьаҿақәак ҟарҵеит, уи иаанагоит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра рҭахуп ҳәа,  – иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Сенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитетаҿ данықәгылоз аконгрессмен Џьо Уилсон ииҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Марко Рубио ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ирарҳәеит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәу, Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә апозитивтә аҭакқәа роуит.

Џьо Уилсон Марко Рубио диазҵааит: „Шәара Ааигәатә Мрагылараҿы аҭоурыхтә акзаара еиқәшәыршәеит, уаҟа, аҳәынҭқаррақәа зегьы, Қырҭтәыла ада, Ирани уи атомтә алшарақәеи ирҿагыло америкатә ҽазышәарақәа ирыдгылоит. Европеи, НАТОи, Евроеидгылеи ахыхьчара ахарџьқәа реизырҳара аганахьала зеиҧшҟалац ала еидгылоуп, уи Украина аибашьра ахыркәшареи ацәгьауаҩ Путин иаҵархареи иацхраауеит. Ари аконтекст аҿы, даҽа регионк, Аахыҵ Кавказ аҵакы ду амоуп, уаҟа, Трамп имаршрут аҳәаақәа ирҭагӡаны, алшара дуқәа иҟоуп, уи Шәамахьтәыла аҧыза-министр Ҧашиниани Азербаиџьан ахада Алиеви ирыбзоуроуп. Аиашаз, ари аганахьала ақәҿиара ду иҟоуп, аха, Ирани Китаи акоммунисттә партиеи изыдгыло, алегитимациа змам  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҳабыра ари арегионаҿ Америка аҟазаара иаҧырхагоуп. Қырҭтәыла алхрақәа ҧаршеин. Иара убас, дара Исламтәи ареволиуциатә гвардиа иацхраауеит, Тегеран иаҿагыло асанкциақәа ирывсуеит. Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, шәгәы ишҧаанаго, Қырҭтәылаҿы „Ақырҭуа гәахәтәы“ ацхыраарала   ирласӡаны азҳара иаҿу арадикализм аанкыларазы иҟаҵатәуи?“

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио абас аҭак ҟаиҵеит: „Қырҭтәыла иадҳәаланы ишәҳәаз ииашоуп, ҳара уи иадҳәаланы агәынамӡара ааҳарҧшит. Убри ашьҭахь дара шьаҿақәак ҟарҵеит, уи иаанагоит Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра рҭахуп ҳәа. Ҳара еилыкка ираҳҳәеит ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәу. Дара рҟынтә апозитивтә аҭакқәа ҳауит. Убри аҟынтә, иахьа атәылаҿы иҟоу ахырхарҭа рыҧсахып ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳәарада, шәара шәызлацәажәоз азҵарақәа зегьы ҳара ҳзы проблемас ишыҟоу еилаҳкаауеит. Дара иҳазҵааит: „Иеиду Аштатқәа рҟны ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәуи?“ Ҳара иҟаҵатәу раҳҳәеит,  убри ашьаҭала ҧхьаҟацара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит, ҳаизыҟазаашьақәа рхырхарҭа мацара акәымкәа, рхымҩаҧгашьагьы аҧсахра ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит“, – иҳәеит Марко Рубио.