Апарламент Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак алахәызааразы акандидатцәа ралхратә комиссиа аилазаара шьақәнарҕәҕәеит
Апарламент Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак алахәызааразы акандидатцәа ралхратә комиссиа аилазаара шьақәнарҕәҕәеит

Апарламент Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак алахәызааразы акандидатцәа ралхратә комиссиа аилазаара шьақәнарҕәҕәеит.

Аконкурстә комиссиа иалоуп жәҩык  – Гиви Абулаӡеи, Мариам Гвидиании, Розета Гуџьеџьиании, Ҭамар Кекенаӡеи, Давиҭ Маҕлаҧериӡеи, Ермиле Месхии, Нино Меунаргиеи,  Софио Николаишвилии, Шорена Шавердашвилии.

Ашьақәыргылара апроект цәыригеит апарламент ахантәаҩы.

Иара иажәақәа рыла, апарламент арегламент иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп  алхратә аконкурстә комиссиа аиҿкаара апроцедура аҧыхра, аха, ҧхынгәы 1 инаркны арегулиациа ҿыцқәа амч роуеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили рашәара 2 рзы иҟаиҵаз адҵала, Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак хҩык алахәылацәа ралхразы иаарту аконкурс рылеиҳәеит.