Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ахықәкқәа атәыла аҩныҵҟатәи аполитика ахықәкқәа иреиҧшуп: аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи ҳуааҧсыра рмышхәыбзазара аизырҳареи
«Ҳаамҭазтәи адунеи иаҳа адиалоги, иаҳа патуеиқәҵареи, аидеологиатә аиҿагылара армаҷреи аҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қарҭтәи Иҭышәынтәалоу аҿиара XVI арегионалтә форум аҿы данықәгылоз.
Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, адунеитә уаажәларра рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбаразы ирмазеиу аидеологиатә аҭакқәа ракәымкәа, аҧышәеи агәаанагарақәеи реиҭныҧсахлара ауп иаҭаху.
«Жәларбжьаратәи аполитикатә полиаризациаан, аколлективтә хәыцшьеи, акритикатә хәыцшьа атәамбареи, аплиуразизм мап ацәреи иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Ҳара ибзианы иҳгәалашәоит Акоммунисттә партиа ахырхарҭа хада аус ишауаз, даҽа гәаанагарак иҟазар шыҟамлоз, рыцҳарас иҟалаз, иахьа жәларбжьаратәи амасштаб алагьы абри аҩызаҵәҟьа ахҭысқәа ҳбоит.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ахықәкқәа атәыла аҩныҵҟатәи аполитика ахықәкқәа иреиҧшуп: аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи ҳуааҧсыра рмышхәыбзазара аизырҳареи.
Жәларбжьаратәи аполитика ахадаратә принципқәа ибзианы еилызкаауа, иҟәышу жәларбжьратәи ауаажәларра ҳаиҳабыра имҩаҧырго апрогмативтә, ареалтә, арационалтә политика алҵшәақәа рбоит. Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу — ари аполитика алҵшәақәа рбоит ақырҭуа жәлари ҳалхыҩцәеи.
Убри аҟынтә, ари ахырхарҭа хымҧада инагӡахоит, хымҧада ҳтәыла алҵшәа бзиақәа азаанагоит.
Агәра ганы сыҟоуп иахьатәи афорум абри аҩыза адиалог ишазкызаауа. Адунеитә уаажәларра рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбаразы ирмазеиу аидеологиатә аҭакқәа ракәымкәа, аҧышәеи агәаанагарақәеи реиҭныҧсахлара ауп иаҭаху», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.