Шьалуа Папуашвили - Ҳара ашколхәыҷқәа ҳакәушәа, агеноцид иаҟароу ацәгьоурақәа ҟазҵаз ҳәынҭқаррақәак акласс анапхгаҩцәас иҳамоушәа, аҳәанырцәынтә иҳадырцало акомплексқәа мап рцәаҳкроуп
Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, бриуссельтәи ачынуаа Евроеидгыла аҩныҵҟа ауаҩытәыҩса изинқәа аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа рыхшыҩ азыршьҭыр иҭахуп, избанзар, ишиҳәаз ала, ари аҭагылазаашьа есымша иаҳа-иаҳа ицәгьахоит.
Папуашвили Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Евроеидгыла анапхгаратә хаҿқәа ирыздәықәиҵаз иаарту ашәҟәы алҵшәас иахылҵуеи ҳәа иазҵааит.
«Копенгаген мацараҿ акәӡам ари аҩыза аҭагылазаашьа ахьыҟоу. Берлини, Парижи, егьырҭ аҳнықалақьқәеи рҿгьы абри аҩызаҵәҟьа асахьа ҳбеит, уаагьы гәымбылџьбарала аҭынчратә демонстрациақәа еимдырпоит. Копенгаген агәымбылџьбара ҷыда аарҧшын, адемонстрантцәа ишәарҭаз акгьы ҟарҵомызт, аха, уезгьы, алабақәеи алақәеи рыла еимдырпон. Ишубарҭоу ала, даниатәи аполициа ари аимырпра иадҳәаланы аусеилыргара алагара ргәы иҭам.
Даниа ҳалацәажәозар, уаҟа уаанӡагьы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәа иҟан, ари аганахьала ари атәыла ихьанҭаӡоу аҭоурых амоуп.
Даниа анапхгара, ари атәыла Евроеидгыла ишалазгьы, акыршықәса ирылагӡаны, 90-тәи ашықәсқәа рҟнынӡа, Гренландиа аҳәса реиҳара ижьаны, мчыла астерилизациа рзыруан. Уи адагьы, гренландиатәи ахәыҷқәа рганахьала асоциалтә експериментқәа мҩаҧыргон: ахәыҷқәа рҭаацәа ирымхны, рхатә бызшәала ацәажәара азин рырҭомызт. Хықәкыс ирыман “даниатәи атәылауааҵәҟьа рааӡара”. Гренландиатәи аполитикцәа агеноцид ҳәа ззырҳәоз абри асистема иадҳәаланы иахьа уажәраанӡагьы аусеилыргара мҩаҧгам, абарҭ ацәгьаурақәа рзы аӡәгьы ахьырхәра имоуӡит. Рацҳарас иҟалаз, абри аҩыза атәыла ахаҭарнакцәа егьырҭ атәылақәа астандартқәа ирызкны алекциақәа ирзаҧхьоит.
Ҳара ашколхәыҷқәа ҳакәушәа, агеноцид иаҟароу ацәгьоурақәа ҟазҵаз ҳәынҭқаррақәак акласс анапхгаҩцәас иҳамоушәа, акыршықәса ирылагӡаны ақырҭуа жәлар аҳәанырцәынтә ирыдарцало акомплексқәа мап рцәаҳкроуп — ҳмилаҭ егьырҭ амилаҭқәа иреицәазшәа, аҿиара ҳамамзшәа, Даниеи, Германтәылеи, егьырҭ атәылақәеи ҳшынхаша, аҳәынҭқарра шҳаргылаша ҳарҵара рылшоушәа. Ус акәӡам ишыҟоу, ҳара егьырҭ зегьы идҳарҵар ҳалшоит европатәи апринципқәеи ауаҩытәыҩса изинқәеи закәу. Даниа анапхгара, руааҧсыра ирҿагыланы, агеноцид еиҧшу ацәгьаурақәа ҟарҵеит, арҭ азҵаарақәа рзы иахьагьы аусеилыргара мҩаҧгам. Даниа – Евроеидгыла иалоу атәылаҿы – иҟалаз асистематә ацәгьаурақәа рзы уажәгьы аӡәгьы ахьырхәра имоуӡит», — иҳәеит Папуашвили.