Украина анапхгара Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рганахьала уажәраанӡа ирымаз аполитика цәгьа аиҭахәаҧшра иахьынӡарҭаху наҟ-наҟ иубарҭахаоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Шьалуа Папуашвили иазҵааит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ақырҭуа иколлега аргама илзааирҧшыз аҭабура иаанагои, уи Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа ирныҧшуама ҳәа.
„Ҳара ҭабуп ҳәа ҳарҳәарц азакәӡам уи зыҟаҳҵо. Апҟарақәа ирышьаҭаку жәларбжьаратәи аиаҿкаара амч амазарц азоуп уи зыҟаҳҵо. Ҳара ҳзы, ҳмилаҭтә интересқәа рзы уи аҵакы ду амоуп. Украина анапхгара Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ишрызныҟәоз иахьыҧшымкәа, ҳара еснагь Украина иадҳәалоу аинициативақәа зегьы, арезолиуциақәа зегьы ҳрыдгылон. Наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа инаҳагӡоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина анапхгара рҟынтә иаабо адыргақәа агәыҕра ҳарҭоит Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рганахьала аполитика еиҭахәаҧшыр ҟалап ҳәа. Иҟало аабап. Украина анапхгара Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рганахьала уажәраанӡа ирымаз аполитика цәгьа аиҭахәаҧшра иахьынӡарҭаху наҟ-наҟ иубарҭахаоит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.