Азинхьчаҩцәа анаркоацәгьаура ахарадҵарала 119ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә 49ҩык анаркотикқәа рыҭиҩцәа роуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа 48 сааҭ рыла Қарҭи арегионқәеи рҿы имҩаҧыргаз аполициатә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны, анаркоацәгьаура ахарадҵарала 119ҩык аанкылоуп, урҭ рҟынтә 49ҩык анаркотикқәа рыҭиҩцәа роуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Қарҭ Аполициатә департамент адиректор Важа Сираӡе ишиҳәаз ала, иаанкылоу иреиуп Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа.
Иара иажәақәа рыла, азинхьчаҩцәа имҩаҧыргаз аимдарақәа раан иаарҧшуп еиуеиҧшым анаркотикатә хархәагақәа рацәаны: „Героини“, „Кокаини“, „Альфа-пвп“, „Метадони“, „Мефедрони“, ,,Бупренорфини“, убас агьырҭгьы.
Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.