Аҩныҵҟатәи ауқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, анаркоацәгьаура ахарадҵарала, 84ҩык ааныркылеит, иаарҧшуп анаркотикқәа рацәаны, иара убас, амцабџьари аџьаҧҳани
Атәыла зехьынџьара имҩаҧгаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны, Аҩныҵҟатәи ауқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, анаркоацәгьаура ахарадҵарала, 84ҩык ааныркылеит, иаарҧшуп анаркотикқәа рацәаны, иара убас, амцабџьари аџьаҧҳани, – Акриминалтә полициа адепартамент адиректор Давиҭ Кикнаӡе ари атәы ааицҳаит иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Абрифинг аҿы ишырҳәаз ала, иаанкылоуп Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа.
„Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, иаанкылоу анаркотикқәа рыҭиҩцәа, еиҧҟьарада, еиуеиҧшым аметодқәа рыла, ауааҧсыра анаркотикқәа рзырҭиуан.
Иаанкылоу ауаа рынхарҭақәеи рмашьынақәеи реимдараан иаарҧшуп анаркотикқәа рацәаны, урҭ рыгәҭа – „героини“, „кокаини“, „метадони“, „бупренорфини“, „марихуанеи“, убас егьырҭгьы.
Иара убас, иаарҧшуп анаркотикқәа рыҭирала идырҳаз аҧареи, амцабџьари, аџьаҧҳани.
Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра“, – ирҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.