Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Аҵыхтәантәи 48 сааҭ рыла анаркоацәгьауразы 75ҩык аанкылоуп, урҭ иреиуп Қырҭтәыла атәылауаагьы атәымуаагьы
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Сахокиа иҳәамҭала, аҵыхтәантәи 48 сааҭ рыла анаркоацәгьауразы 75ҩык аанкылоуп. Урҭ иреиуп Қырҭтәыла атәылауаагьы атәымуаагьы.
Сахокиа иҳәамҭала, иаанкылоу ауаа закәандарала анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, рыҭиреи, рыҭиара ацхраареи рхарарҵоит.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәанҧарала иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара нанагӡоит. Азинхьчаҩцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы қәҿиарала даҽа усмҩаҧгатәк мҩаҧыргеит.
Аҵыхтәантәи 48 сааҭ рыла анаркоацәгьауразы 75ҩык аанкылоуп, урҭ иреиуп Қырҭтәыла атәылауаагьы атәымуаагьы. Иаанкылоу ауаа закәандарала анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, рыҭиреи, рыҭиара ацхраареи рхарарҵоит.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра», — иҳәеит Гьаргь Сахокиа.