Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Азеиҧш амилаҭтә аполициатә операциақәа ирылҵшәаны иаарҧшуп жәабала азакәандаратә амцабџьари, аџьаҧҳани, аҧжәагақәеи, 51ҩык аанкылоуп
Азеиҧш амилаҭтә аполициатә операциақәа ирылҵшәаны, аҵыхәтәантәи ҩымш рыла атәылаҿы иаарҧшуп жәабала азакәандаратә амцабџьари, аџьаҧҳани, аҧжәагақәеи, 51ҩык аанкылоуп. Иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Алеқсандр Дарахвелиӡе.
Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 7 шықәсанӡа аҭакра.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррра ахаҭарнакцәа еиҿкаау ацәгьаура иаҿагыло ақәҧара еиҧҟьарада инарыгыӡоит. Азеиҧш амилаҭтә аполициатә операциақәа ирылҵшәаны, аҵыхәтәантәи ҩымш рыла атәылаҿы иаарҧшуп жәабала азакәандаратә амцабџьари, аџьаҧҳани, аҧжәагақәеи, 51ҩык аанкылоуп.
Ари ауснагӡатә мҩаҧган Қарҭи атәыла арегионқәеи рҿы.
Аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 236-тәи ахәҭаҷла, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 7 шықәсанӡа аҭакра.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәгьаурақәа рпревенциа амзызла активла аусура нанагӡоит», — иҳәеит Дарахвелиӡе.