Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны акциақәа рымҩаҧгара аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны акциақәа рымҩаҧгара аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны акциақәа рымҩаҧгара аҭагылазаашьақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациа ишану ала, ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны, акциақәа рымҩаҧгара ҟалоит аныҟәарада, аизара алахәылацәа апротест аадырҧшыр рылшоит Қарҭ апарламент аҧхьа иҟоу амардуани уи иаҧну аҵакырадгьыли рҿы, дара атротуараҿ егьырҭ ауаа реиҭаҵреи амашьынамҩаҿы атранспорт аиҭаҵреи иаҧырхагамхароуп.

„2025 шықәса ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны, акциақәа рымҩаҧгара ҟалоит аныҟәарада, аизара алахәылацәа апротест аадырҧшыр рылшоит Қарҭ апарламент аҧхьа иҟоу амардуани уи иаҧну аҵакырадгьыли рҿы, дара атротуараҿ егьырҭ ауаа реиҭаҵреи амашьынамҩаҿы атранспорт аиҭаҵреи иаҧырхагамхароуп;

Аизара алагара арыцхәи аамҭеи: 2025 шықәса ҧхынҷкәын  21-31, асааҭ  19:00;

Аизара ахыркәшара арыцхәи аамҭеи: 2025шықәса ҧхынҷкәын  21-31, асааҭ  24:00;

Аизара амҩаҧгаразы аҭак зыҧхықәу ахаҿы: Каха Ҵиқаришвили;

Аизара амҩаҧгаразы агәҽанызаара аҟаҵара арыцхә: 2025 шықәса ҧхынҷкәын 17.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз абарҭ адҵақәа хымҧада инагӡазароуп:

2025 шықәса ҧхынҷкәын  21 инаркны ҧхынҷкәын  31 иналаҧхьаӡаны имҩаҧгахо аизарақәа рылахәылацәа ауаажәларратә шәарҭадареи азинеиҿкаареи ашәарҭара иҭадыргылар ҟалом, аорганқәеи, анаплакқәеи, аусбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, атранспорти русуреи, егьырҭ ауаа реиҭаҵреи иаҧырхагамхароуп, рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еиларымгароуп. Ҧхынҷкәын 21 инаркны ҧхынҷкәын 31 иналаҧхьаӡаны, акциақәа рымҩаҧгара ҟалоит аныҟәарада, аизара алахәылацәа апротест аадырҧшыр рылшоит Қарҭ апарламент аҧхьа иҟоу амардуани уи иаҧну аҵакырадгьыли рҿы, дара атротуараҿ егьырҭ ауаа реиҭаҵреи амашьынамҩаҿы атранспорт аиҭаҵреи иаҧырхагамхароуп“, – иануп аинформациаҿы.