Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Баҭыми Қарҭи иааныркылеит "ациркулиар ҟаҧшь" ала аҧшаараҿы иҟаз ҧшьҩык
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Баҭыми Қарҭи иааныркылеит “ациркулиар ҟаҧшь” ала аҧшаараҿы иҟаз ҧшьҩык Ҭырқәтәыла атәылауаа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла азинхьчаратә органқәа арҭ ауаа ирышьҭан ауаа рытҟәареи, бџьарла ақәларақәеи, хықәкыла ауаҩшьреи, закәандарала абџьар ахархәареи, анаркоацәгьаурақәеи, адокументқәа рҧаршеиреи азыҳәан.
«Зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа еиуеиҧшым аамҭазы Қарҭи Баҭыми иаанкылан. Уажәазы дара рзы азакәанла иазҧхьагәаҭоу аекстрадициатә процедурақәа мҩаҧысуеит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.