Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, амнистиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аныҟәцаратә зин агәраргагақәа реиҭашьақәыргылара апроцедура иазкны аилыркаарақәа ҟанаҵеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, амнистиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аныҟәцаратә зин агәраргагақәа реиҭашьақәыргылара апроцедура иазкны аилыркаарақәа ҟанаҵеит.
«Қырҭтәыла аҧыза-министр иҧшьгарала, Қырҭтәыла апарламент, еиуеиҧшым азинтә ашьаҭақәа рыла ауаа ирымхыз арныҟәцара агәраргагақәа реиҭашақәыргылара иазку азакәанпроектқәа армазеит.
Иахьазы 35 500ҩык раҟара атранспорттә хархәага арныҟәцара азин рымхуп.
Амашьына арныҟәцара азин аиҭашьақәыргылара апроцедура иазкны аилыркаарақәа ҟаҵоуп:
— 2025 шықәса ҧхынҷкәын 16-нӡа арныҟәцара азин ззаанкылаз 780ҩык 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны автоматла ари азин рзеиҭашьақәдыргылоит, дара иртәу арныҟәҵаратә агәраргага еиҭах 100 баллқәа анаршьоит;
— анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкылоз 3 500ҩык автоматла рыгәгаргагақәа еиҭашьақәдыргылом. Дара амашьына арнықәцара азин роуеит аӡбара-медицинатә експертиза аҟынтә аихшьаала анцәырыргалак;
— иахьазы 11 000ҩык раҟара рыгәраргагақәа рымхуп ахараҧсақәа рымшәаразы. Дара ахараҧса аныршәалак, амашьына арныҟәцаразы азин рзеиҭашьақәдыргылоит;
— аҩыжәны амашьына арныҟәцаразы, мамзаргьы, амашәыр ахьыҟалаз аҭыҧ ааныжьразы агәраргага змырхыз 20 000ҩык ирыдҳәаланы, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2026 шықәса жәабран 1-нӡа аофициалтә саит аҿы аинформациа цәырнагоит Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны ахаҿы цыҧхьаӡа административтә ахьырхәра ихыхра иазкны, уи инақәыршәаны, арҭ ауаагьы амашьына арныҟәцаразы азин рзеиҭашьақәдыргылоит.
Иара убас, амнистиа рыдкьыслоит анаркотикқәа рхархәаразы агәраргага змырхыз ауааҧсырагьы. Амашьына арныҟәцара азин аиҭашьақәыргыларазы, дара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амаҵзура агентра иадҵаалароуп. Арҭ ауаа хымҧада ицәырыргароуп аӡбара-медицинатә експертиза аҟынтә аихшьаала», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.
Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, анаркотикқәа рацәаны раахәареи, рыҵәахреи, рыҭиреи азы агәраргага змырхыз ауааҧсыра амнистиа рыдкьыслом.