Азинхьчаҩцәа еиуеиҧшым анеонацисттә гәыҧқәеи афашисттә идеологиеи рыдгыларазы 13ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә быжьҩык рықәра наӡам 
Азинхьчаҩцәа еиуеиҧшым анеонацисттә гәыҧқәеи афашисттә идеологиеи рыдгыларазы 13ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә быжьҩык рықәра наӡам 

Азинхьчаҩцәа еиуеиҧшым анеонацисттә  гәыҧқәеи афашисттә идеологиеи рыдгыларазы 13ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә быжьҩык рықәра наӡам

«Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭтәи аполициа адепартамент аусзуҩцәа акомплекстә полициатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы, еиуеиҧшым анеонациасттә гәыҧәеи афашисттә идеологиеи ирыдгыло 13ҩык ааныркылеит», — иҳәеит Қарҭтәи аполициа адепартамент адиректор Важа Сираӡе.

Сираӡе иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ауаа, гәымбылџьбарала, қәрала еиҧшым ауаа рганахьала амч рхы иадырхәон. Иаанкылоу рҟынтә быжьҩык рықәра наӡам.

«Иара убас, даҽа ҧшьҩык рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит, дара уаанӡагьы абри аҩызаҵәҟьа ацәгьауразы иҭакын. Уажәы гәыҧҩык рыла амчыларазы ахара рыдырҵоит.

Мызқәак имҩаҧысуаз аусеилыргара ишаҳнарбаз ала, иаанкылоу ауаа анеонацистцәа ҳәа  рхы ахьӡарҵон, афашисттә идеологиа иақәныҟәон.

Афашисттә идеологиа аларҵәареи анеонацисттә аҳа арҭбаареи амзызла, дара, еиуеиҧшым амаҭәарқәа рхы иархәаны,  агәымбылџьбара ҷыдала ауаа ирықәлон. Ридеологиа иақәшаҳаҭымыз ауаа цәгьала ирызныҟәон.

Агәыҧқәа рылахәылацәа ауаа ианрықәлоз, авидеонҵамҭақәа ҟарҵон, нас, еиуеиҧшым аинтернет платформақәа рыла иаладырҵәон. Дара-дара ианеилалозгьы афактқәа иҟоуп.

Ахара зду ауаа рыҩнқәа реимдараан иаарҧшын амцабџьари, аҳәызбақәеи, анацисттә символика зну амаҭәарқәеи, амобилтә ҭелқәеи, асабрадақәеи, аелектронтә техникеи.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 15 шықәсанӡа аҭакра.

Арадикалтә афашисттә гәыҧқәа рлидерцәақәак абахҭа иҭакуп. Дара мызқәак раҧхьа иаанкылан.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра афашисттә идеологиа иақәныҟәо амчыларатә гәыҧқәа ирҿагыланы ақәҧара нанагӡоит. Ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абри аҩыза ацәгьаурақәа зхылҵыр зылшо адыргақәа рбар, зыҧшра ҟамҵакәа, азинхьчаратә органқәа рахь адырра ҟарҵарц.

Қарҭтәи аполициа адепартамент аусзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ари аоперациа қәҿиарала амҩаҧгаразы», — иҳәеит  Важа Сираӡе.