Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Аполициа аусзуҩцәа ҷыдала ирацәаны анаркотикқәа аадырҧшит, атәымуаҩк даанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ аполициатә департамент аусзуҩцәа, закәандарала анаркотикқәа рацәаны раахәареи, рыҵәахреи, рыҭира ацхраареи, иара убас, анаркотикатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа закәандарала рааӡареи ахарадҵарала Урыстәыла атәылауаҩ Д. Ш. дааныркылеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, Д. Ш. аамҭала дахьынхоз аҭыҧаҿ аарҧшын иара анаркотикатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа еиҭаҳаны иахьимаз арҧхарҭа ҷыда. Уааҵәҟьа иаадырҧшит ибоу амарихуана рацәеи аконоплиа аҵиаақәеи.
Зыӡбахәы ҳәоу анаркоацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.