Апатрультә полициа аусзуҩцәа Қарҭ ҷыдала ирацәаны анаркотикқәа аадырҧшит, аӡәы даанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апатрультә полициа адепартамент аусзуҩцәа Қарҭ ҷыдала ирацәаны анаркоитикқәа аадырҧшит.
Аминистрра адыррақәа рыла, закәандарала анаркотикқәа раахәареи, рыҭира ацхраареи ахарадҵарала даанкылоуп 2001 шықәсазы ииз, уаанӡагьы зус рыӡбахьоу О.М..
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.