Иахьа аусура иалагеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаҧҵоу ацәымҕратә бызшәа аҿагылара аусбарҭа
Иахьа аусура иалагеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара адепартаментаҿ иаҧҵоу ацәымҕратә бызшәа аҿагылара аусбарҭа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аусбарҭа ҿыц хықәкыс иамазаауеит ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, ацәымҕратә бызшәа ахархәара ахьамоу, аргама иҟаҵоу, Административтә азиеилагара иазку Қырҭтәыла азакәанеидкыла ала иазҧхьагәаҭоу азинеилыргара адыргақәа змоу аҳәамҭақәа рмониторинг.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, аусбарҭа ҿыц ахаҭарнакцәа, азинеилагарақәеи урҭ ҟазҵаз ауааҧсыреи аарҧшны, административтә азинеилагара апротоколқәа еиқәыршәаны, азеиҧш аӡбарақәа рахь идәықәырҵоит.