Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа   39ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа   39ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа   39ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа зынӡа Қырҭтәыла иалцоуп  1243ҩык атәымуаа.

„Амиграциа адепартамент имҩаҧнагаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны Қырҭтәыла иалцоуп Индиеи, Ҭырқәтәылеи, Бангладеши, Китаии, Ирани, Урыстәылеи, Кениеи, Ҭырқәтәылеи, Пакистани, Египти, Нигериеи, Судани, Сиера Леонеи, Иорданиеи, Узбекистани ртәылауаа  – зынӡа  39ҩык атәымуаа. Дара Қырҭтәыла иҟан азинтә ашьаҭа рымамкәа.

Амч змоу азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа Қырҭтәыла алалара азин рымырхуеит“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.