Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа 
Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа 

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаҧыргаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны,  Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла иалцоуп  азакәантә ашьаҭада атәылаҿы иҟаз Туркменистани, Урыстәылеи, Индиеи, Узбекистани, Пакистани, Китаии, Беларуси, Непали, Таиланди, Бангладеши, Ефиопиеи, Иемени, Ираки, Иорданиеи, Нигериеи, Судани,егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ртәылауаа, зынӡа 103ҩык.