Амиграциазы адепартамент ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа 
Амиграциазы адепартамент ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциазы адепартамент ахаҭарнакцәа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы  аоперативтә усмҩаҧгатәқәа  мҩаҧганы,  Қырҭтәыла иалырцеит  103ҩык атәымуаа.

Амч змоу азакәан инақәыршәаны, Қырҭтәыла иалцоуп Ҭырқәтәылеи,  Индиеи, Египти, Урыстәылеи,  Туркменистани, Бангладеши, Пакистани, Узбекистани, Китаии, Азербаиџьани, Нигериеи, Болгариеи, Казахстани, Таџьикистани, Ганеи, Конгои, Таиланди егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ртәылауаа  — зынӡа  103ҩык.

Хәажәкыра мацараз Қырҭтәыла иалцоуп азакәантә ашьаҭада атәылаҿы иҟаз  360ҩык атәымуаа.