Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа Қарҭи Баҭыми  26ҩык атәымуаа ааныркылеи 
Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа Қарҭи Баҭыми  26ҩык атәымуаа ааныркылеи 

Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа Қарҭи Баҭыми  26ҩык атәымуаа ааныркылеи.

Акомплекстә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны иаанкылоуп  азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз Индиеи, Шри-Ланкеи, Пакистани, Туркменистани, Ҭырқәтәылеи, Ирани, Судани, Иорданиеи, Кувеити, Непали, Ефиопиеи ртәылауаа.

Уажәы арҭ ауаа аамҭалатәи анырхара ацентраҿ иҟоуп. Атәылантә ралцаразы иашьашәалоу апроцедурақәа мҩаҧысуеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.