Азакәандаратә миграциа иаҿагыло ақәҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа, Қарҭи Баҭыми 41ҩык атәымуаа ааныркылеит. Урҭ Ҭырқәтәылеи, Туркменистани, Урыстәылеи, Азербаиџьани, Алжири, Китаии, Узбекистани, Иемени, Иорданиеи, Ираки ртәылауаа роуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу атәымуаа Қырҭтәыла иҟан азакәантә ашьаҭада.
Уажәазы арҭ ауаа Амиграциазы адепартамент аамҭалатәи анырхара ацентр аҿы иҟоуп. Атәылантә ралцаразы иашьашәалоу апроцедурақәа мҩаҧысуеит.