Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 97ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа, акомплекстә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы, атәыла иалырцеит 97ҩык атәымуаа. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, атәыла иалцоуп Ҭырқәтәылеи, Китаии, Египти, Индиеи, Туркменистани, Пакистани, Кениеи, Судани, Узбекистани, Филиппинеи, Бангладеши, Иорданиеи, Урыстәылеи, Сомалии, Таиланди, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ртәылауаа, зынӡа 97 ҩык. Дара Қырҭтәыла иҟан азакәантә ашьаҭада.