Апатрультә полициа аусзуҩцәа Қарҭ анаркотикатә хархәагақәа рацәа аадырҧшит, ҧшьҩык аанкылоуп
Апатрультә полициа аусзуҩцәа Қарҭ анаркотикатә хархәагақәа рацәа аадырҧшит, ҧшьҩык аанкылоуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апатрультә полициа адепартамент аусзуҩцәа Қарҭ анаркотикатә хархәагақәа рацәа аадырҧшит, ҧшьҩык аанкылоуп. Арҭ ауаа закәанадарала анаркотикқәа раахәареи, рыҵәахреи, рыҭира ацхраареи рхарарҵоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, ахара зду ауаа реимдараан иаарҧшын анаркотикатә хархәагақәа рацәаны, урҭ рыгәҭа „Альфа ПВП“-и  „Метадони“.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.