Шьалуа Папуашвили  - Атәылақәа рыбжьара ихырҳагоу апартниорра шьақәгылоит тәылак ала егьи атәыла аинтересқәа рықәныҟәарала акәымкәа, атәылақәа рмилаҭтә интересқәа ахьеиқәшәо акәаҧқәа рыҧшаарала
Шьалуа Папуашвили  - Атәылақәа рыбжьара ихырҳагоу апартниорра шьақәгылоит тәылак ала егьи атәыла аинтересқәа рықәныҟәарала акәымкәа, атәылақәа рмилаҭтә интересқәа ахьеиқәшәо акәаҧқәа рыҧшаарала

Аҭыҧантәи аполитикатә гәыҧқәа Қырҭтәылаҿ атәым мчқәа ринтересқәа ирықәныҟәоит, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент аханәтаҩы Шьалуа Папуашвили азакәанҧҵаратә органаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, атәым мчқәа рхылҵшьҭра акәӡам аус злоу, избанзар, амилаҭқәа ҳәынҭқаррақәас  рҽеидыркылеит рхатә интересқәа рыхьчаразы.

„Абарҭ атәым мчқәа рхылҵшьҭра акәӡам аус злоу, избанзар, амилаҭқәа ҳәынҭқаррақәас рҽеидыркылеит рхатә интересқәа рыхьчаразы.  Дарбанзаалак аӡәы, аиҩызаратә Америка ахьӡала акәзаргьы, Қырҭтәыла аинтересқәа дырҧырхагахар ҟалом.

Рыцҳарас иҟалаз, абри ауп арадикалтә оппозициаа рҟынтә иаабо. Дара иҟарҵо аҳәамҭақәа рҿы лассы-лассы иҳаҳауеит Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа аҧыжәара рымамзшәа, дара адәныҟатәи аполитикатә мчқәа ринтересқәа ирықәныҟәоит.

Арҭ акторцәа аргама ргәаанагара аадырҧшуеит. Қырҭтәыла егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рпланқәа рынагӡара мацара иазкәушәа ргәы иаанагоит.

Ҳәарада, абарҭ аполитикатә мчқәа ибзианы еилыркаауеит Қырҭтәылеи Урыстәылеи,  Қырҭтәылеи Ирани реимадарақәа баша ишрылацәажәо. Лабҿаба иубарҭоуп дара Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорра иаҧырхагахар шырҭаху.

Убри аҟынтә, ҳуааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рыҿагылара иазку иарбанзаалак аинформациа акритикатә ахәшьара арҭарц. Атәылақәа рыбжьара ихырҳагоу апартниорра шьақәгылоит тәылак ала егьи атәыла аинтересқәа рықәныҟәарала акәымкәа, атәылақәа рмилаҭтә интересқәа ахьеиқәшәо акәаҧқәа рыҧшаарала.  Абри ауп асуверенитет ҵакыс иамоу“, –  иҳәеит Папуашвили.