Олаф Шольц – Ҳара цқьа ҳазхәыцны аӡбара ҳадаҳкылеит,  афымцеиқәыршәара аусхкы аҿы Урыстәылаҟны абизнесусура наҳагӡоит
Олаф Шольц – Ҳара цқьа ҳазхәыцны аӡбара ҳадаҳкылеит,  афымцеиқәыршәара аусхкы аҿы Урыстәылаҟны абизнесусура наҳагӡоит

Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц иҳәамҭала, Германтәылеи Евроеидгылеи Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рышьақәыргылара иақәшаҳаҭуп, аха, уажәы урыстәылатәи афымцатә импорт мап ацәкра иазыхиам.

Иара иажәақәа рыла, ашьаҿақәа зегьы кыраамҭатәи аперспективаҿы Урыстәыла ааха ҕәҕәа аҭара иазкуп. Олаф Шольц ишиҳәаз ала,  Европа урыстәылатәи аенергоресурсқәа рзы мапкра залымшеит, избанзар, Европа афымцала аиқәыршәаразы макьана альтернативтә ресурсқәа иҟам.

Олаф Шольц ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла аиҳабыреи европатәи апартниорцәеи альтернативтә ресурсқәа рыҧшааразы мызқәак рыҩнуҵҟала аусеицура иаҿуп, аха, уи иаразнак изыҟалом.

«Убри аҟынтә, ҳара цқьа ҳазхәыцны аӡбара ҳадаҳкылеит,  афымцеиқәыршәара аусхкы аҿы Урыстәылаҟны абизнесусура наҳагӡоит», — иҳәеит  Олаф Шольц.