Евроеидгыла ахаҭарнакра  —  2024 шықәсазы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара  5 миллиард евро аҟынӡа ишьҭыҵит, Евроеидгыла Қырҭтәылазы ахәаахәҭратә партниор хадас иаанхоит
Евроеидгыла ахаҭарнакра  —  2024 шықәсазы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара  5 миллиард евро аҟынӡа ишьҭыҵит, Евроеидгыла Қырҭтәылазы ахәаахәҭратә партниор хадас иаанхоит

 

«Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара азҳара иаҿуп,  2024 шықәсазы ари арбага  5 миллиард  евро аҟынӡа ишьҭыҵит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациаҿы.

Уаҟа ишазгәаҭоу ала, Евроеидгыла Қырҭтәылазы ахәаахәҭратә партниор хадас иаанхоит.

«Қырҭтәылеи Евроеидгылеи  2014 шықәса инаркны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭра рхы иадырхәоит.  Ақырҭуа еилахәырақәа адунеи идуӡӡоу аџьармыкьақәа иреиу,  450 миллионҩык ахархәаҩцәа змоу   аџьармыкьа ахархәара рылшоит.  Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара азҳара иаҿуп,  2024 шықәсазы ари арбага  5 миллиард  евро аҟынӡа ишьҭыҵит. Евроеидгыла Қырҭтәылазы ахәаахәҭратә партниор хадас иаанхоит.  Ақырҭуа аалыҵ Евроеидгыла астандартқәа ирышьашәалахеит, уи абзоурала  ақырҭуа аалыҵ ахаҭабзиара еиҕьхеит, ақырҭуа еилахәырақәа жәларбжьаратәи аџьармыкьаҿ аконкуренциа рылшоит. Аха, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу алшарақәа макьана инагӡаны ахархәара рымам, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла иҟаз атенденциа ақырҭуа наплакқәа рҭышәынтәалареи Евроеидгыла аџьармыкьахь ирымоу азҿлымҳареи аанарҧшуеит», — иануп аинформациаҿы.