Европа Ахеилак аҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра – Евроеидгыла ақырҭуа жәлар ревропатәи ҽазышәарақәеи атәыла евроинтеграциа амҩеи адгылара иазыхиоуп, атәыла анапхгара уажәтәи роуранагӡара рыҧсахыр
Европа Ахеилак аҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра – Евроеидгыла ақырҭуа жәлар ревропатәи ҽазышәарақәеи атәыла евроинтеграциа амҩеи адгылара иазыхиоуп, атәыла анапхгара уажәтәи роуранагӡара рыҧсахыр

Европа Ахеилак аҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра  ауаҩы изинқәа рыхьчра аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

„Ауаҩы изинқәа рыхьчра аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы Евроеидгыла иҟанаҵаз аҳәамҭа: Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рыхьӡала агәынамӡара ааҳарҧшуеит   ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи Қырҭтәыла адемократиатә шьҭахьҟацареи  иадҳәаланы.

Аӡбартә процессқәа шынагӡогьы, цәыббра 1-3 рзы, 21ҩык ахара рыдырҵеит гәыҧҩык рыла амчылара „аиҿкаара“ ма  „алахәызаареи“, анаркотикқәа закәандарала рыҵәахреи азы.

Ҩыџьа аоппозициатә лидерцәа уажәааны ашьауҕа рхырхит, аха, егьырҭ уажәгьы абахҭа иҭакуп, аҭынчратә демонстрантцәа рганахьала амч ахархәара афактқәа иҟоуп.  Қырҭтәыла анапхгара аизареи агәаанагара аарҧшреи  ахақәиҭра пату ақәырҵароуп, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа зегьы ҭырҵаароуп, изхароу ауаа аҭакҧхықәра рықәырҵароуп. Ҳара даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит аӡбаратә система ахьыҧшымреи ииашоу аӡбаратә процесс азы азини хымҧада ишеиқәыршәатәу.

Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит адинамикатә атәылауаҩратә уаажәларра аҧкрак рымамкәа аусуреи аполитика аҳәаақәҵара апроцесс активла алахәызаареи алшара рзеиқәдыршәарц. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ихьыҧшым атәылауаҩратә уаажәларра иаҵанакуа быжь-аиҿкаарак рбанктә хыҧхьаӡарақәа рырҵаара иазкны ирыдыркылаз аӡбара аҧырхырц. Иара убас, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Венециатәи акомиссиа уажәтәи абжьагарақәа зегьы нарыгӡарц.

Гәалсрала иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла анапхгара, иааигәахо алхрақәа рыцклаҧшразы  Арегионалтәи аҭыҧантәи напхгара аконгерсс ишаармыҧхьаз, OSCE/ODIHR анаҧшратә миссиа иаамҭаны ааҧхьара шрырымҭаз. Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп Евроеидгыла ақырҭуа жәлар ревропатәи ҽазышәарақәеи атәыла евроинтеграциа амҩеи адгылара ишазыхиоу, атәыла анапхгара уажәтәи роуранагӡара рыҧсахыр.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Албаниеи, Андореи, Исландиеи, Литенштеини, Молдовеи, Монакои, Монтенегрои,  Аҩадатәи Македониеи, Норвегиеи, Сан-Маринои, Украинеи, Еиду аҳреи рхаҭарнакцәа“, – иануп аҳәамҭаҿы.