Европа Ахеилак уи иалоу аҳәынҭқаррақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит аинформациала аманипулиациеи аҳәаанырцәынтә аҽалагалареи иазку аинформациа аиҭныҧсахларазы
Европа Ахеилак уи иалоу аҳәынҭқаррақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит аинформациала аманипулиациеи аҳәаанырцәынтә аҽалагалареи иазку аинформациа аиҭныҧсахларазы.
Европа Ахеилак иаланарҵәаз адокумент ишану ала, ари аиҿкаара Аексперттә комитет Европа Ахеилак иалоу атәылақәа рҟынтә иаҳәоит сынтәа ажьырныҳәа 1 инаркны мшаҧы 15-нӡа ироуа аинформациа цәырыргарц.
Аинформациала аманипулиациеи аҳәаанырцәынтә аҽалагалареи иазку Аексперттә комитет иҭнаҵаауа азҵаарақәа иреиуп адезинформациеи, аконцентрациеи, АИХқәа рымпыҵахалареи, АИХқәа рхақәиҭреи, еиҿкаау ацәгьауреи, акиберацәгьауреи, акоррупциеи.
Иара убас, Европа Ахеилак асаит иану аинформациа инақәыршәаны, Аексперттә комитет раҧхьатәи аилатәара мҩаҧган 2026 шықәса ажьырныҳәа 27 рзы. Ахеилак дахагылоуп ауаҩытәыҩса изинқәеи азин ахадареи азҵаарақәа рзы Европа Ахеилак агенералтә директор Џьанлука Еспозито.
Европа Ахеилак аҟынтә зыӡбахәы ҳәоу азыҳәара иазку ашәҟәы Қырҭтәылагьы аиуит. Уажәазы иҟоу аинформациа ала, ақырҭуа аган аҭак дырмазеихьеит.