Европа ахеилак - Аҭышәынтәалара арӷәӷәареи Урыстҩәыла ааԥхьарақәа ирылҵшәаны атәыла аҿаԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа рыҿагылареи аус аҿы Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит
Европа ахеилак - Аҭышәынтәалара арӷәӷәареи Урыстҩәыла ааԥхьарақәа ирылҵшәаны атәыла аҿаԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа рыҿагылареи аус аҿы Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит

Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит, – иануп Европа ахеилак асаммит актәи амш анҵәамҭазы аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.

“Аҭышәынтәалара арӷәӷәареи Урыстҩәыла ааԥхьарақәеи Қырҭтәыла атерриториатә акзаара аилагареи, иара убас Украина ицо аибашьра амзызла ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирылҵшәаны атәыла аҿаԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа рыҿагылареи аус аҿы Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит “, – иануп Европа ахеилак аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, атәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит ақәҿиарақәа аиурц априоритет змоу ареформақәа рхырхарҭала .